Аԥсны

Аслан Асланӡиа ишьра афакт ала Очамчыра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аслан Асланӡиа ишьра афакт ала Очамчыра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит.
Аусҭҵаара ишаанацҳауа ала, жьҭаарамза 10 асааҭ 18:00 рзеиԥш, Аҭара ақыҭан аимак аан хҩык агәҩара ззыҟоу ауаа — Виачеслав Асланӡиеи, Мран Асланӡиеи, Арсоу Кьиути — Аслан Асланӡиа иуаҭәа аҳәызба зныкымкәа иаларҵеит.
Ацәгьоура ҟалеит автомашьына Toyota Voxy аҩнуҵҟа. Аслан Асланӡиа ихәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Виачеслав Асланӡиеи Арсоу Кьиути жьҭаарамза 12 рзы иааныркылеит, урҭ мызкы ҳәа ирбаандаҩуп. Мран Асланӡиа ишьҭоуп.