АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аԥсны иаԥҵоуп Баграт Шьынқәба илитература-ҭҵаарадырратә ҭынха анаунагӡатәразы аҳәынҭқарратә комиссиа.
Иара аԥҵоуп аиҳабыра ахаҭарнакцәеи, аҟазареи аҭҵаарадырреи ринтеллигенциа злахәыз аилатәара аихшьаалақәа рыла атәыла ахада Бадра Гәынба инапы зҵеиҩыз аусԥҟала ҳәа аанацҳауеит (https://t.me/presspresidentofabkhazia/4595) аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Акомиссиа ҿыц хықәкыс иамазаауеит иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны жәлар рпоет, Ахьӡ-Аԥша аорден I аҩаӡара занашьоу Баграт Шьынқәба иҭынха беиа аиқәырхара, аӡыргара.
Акомиссиа хантәаҩра азиуеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.
Иара убас, Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба ажәалагала ҟаиҵеит Ҷлоу ақыҭан есышықәса Шьынқәба ихьӡ зху афестиваль мҩаԥгалазарц. Иҳәеит, еиуеиԥшым аҟазарахкқәа еидызкыло афестиваль хымш ицаларц.
Аҳәынҭқарра ахада ари ахықәкы дадгылеит, иаарласны афестиваль амҩаԥгаразы аусԥҟа инапы шаҵеиҩуа иҳәеит. Иалацәажәеит 2027 шықәсазы иазгәаҭахо Жәлар рпоет диижьҭеи 110 шықәса ахыҵра аҽазыҟаҵарақәа атәы.