Аԥсны

Аԥсны имҩаԥгахоит Ҭлабӷан Қьецба иреиӷьу искульптуратә хаҿсахьазы аицлабра

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аԥсны имҩаԥгахоит Ҭлабӷан Қьецба иреиӷьу искульптуратә хаҿсахьазы аицлабра.
Ари ақәҵара аднакылт амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.
Аԥсны акультура аминистрра аицлабра аиҿкаареи амҩаԥгареи ахахьы иагоит. Уи алҵшәақәа инарықәыршәаны, Гал ақалақь ашьаҭаркҩы ибаҟа дыргылоит.
Иара убас, акомиссиа аилатәараҿы ирыхәаԥшит аскульптор Амиран Адлеиба жәлар рпоет Иуа Коӷониа искульптуратә хаҿсахьа азы аскетчқәа. Акомиссиа алахәылацәа ирыдыргалаз ф-проектк рҟынтәи ак алырхит.
Хымз рыла автор аскульптура аҵыхәтәантәи авариант ҟаиҵоит, уи Иуа Коӷониа ихьӡ зху ашҭаҿы, 1992–1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аӷацәа иԥырҽыз апоет ибиуст ахьгылаз аҭыԥ аҿы ишьақәыргылахоит.