Аԥсны

Гал Ақалақь амш азгәарҭоит иахьа

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Гал Ақалақь амш иазку аныҳәатә концерт араион Акультура аҩны ашҭаҿы иалагеит.
Асценаҿы иқәгылоит аԥсуа естрада артистцәеи аҭыԥантәи арҿиаратә коллективқәеи. Ақалақь апарк хадаҿы жәлар аныҳәа рзеиҿкаауп.
Ашколқәа зегьы амилаҭтә чысқәа рыла астендқәа дырхиеит.
Иара убас ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программа еиҿкаауп.