Урыстәыла

Путин RT 20 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Путин RT 20 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аҳәаанырцә ааигәа.
"RT ажурналистцәа ишрықәыӷәӷәогьы, шәара шәгәы иаанаго шәҳәоит. Абри азанааҭдырра, аԥсыцқьара, аиашара, аобиективра иаашәырԥшуа ауп шәыхәаԥшцәа игәарҭо – уи ауп ихызхуа, шәаудиториагьы ирласны еизҳауеит", — иҳәеит Урыстәыла ахада.
Уаҳа ирыдызныҳәалада илегендоу ателеканал?
"RT еснагь ажәа ахақәиҭра апринципқәа ахьчоит", — иҳәеит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.
"RT еиҩызам аиҳабырақәа аиаша ахәаҽра рҽаназыршәо, шәара аидара шәызҵоу ишахәҭоу еиԥш инажәгоит", — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Шәара шәредакциатә политикаҿы аӡәы шәиламҩашьо аиаша аашәырԥшуеит", — лҳәеит Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко.
"Ҳаҭыр зқәу Маргарита Симон-иԥҳа! Гәык-ԥсыкала шәареи RT аколлективи ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи! Агәабзиара, арҿиаратәии азанааҭтәи иааира ҿыцқәа, ҭабуп ҳәа шәазҳәо, гәыкала ишәзыҟоу ахәаԥшцәа шәзеиӷьасшьоит!" — Урыстәыла Аусеилыргаратә еилакы анапхгаҩы Александр Бастрыкин.
"Шәара миллионҩыла ахәаԥшцәа аилкаара ҿыц ахь инашәгеит, иҟоу аҭагылазаашьа шыҟоу рбартә алшара рышәҭеит. Абрантәи, акосмос аҟынтә, Адгьыл ҳара ҳзеиԥш ҩны шакәу убоит. Шәара ауаа шәрыцхраауеит уи 360 аформат ала ирбартә еиԥш", — акосмонавтцәа Сергеи Рыжиков, Алексеи Зубрицки, Олег Платонов.
"Маргарита Симониан лхатә лагала абзоурала, амедиа-гәыԥ RT аҿы ахаҭабзиара, агәрагара, аҿыцрақәа рсимвол мацара акәымкәа, адунеи зегь аҿы миллионҩыла ахәаԥшцәа еидызкыло, ииашоу культуратә феноменны иҟалеит", — иҳәеит Росгвардиа аиҳабы Виктор Золотов.
"RT ажәлари Аԥсадгьыли ринтересқәа рзы амаҵ ауеит, иахьчоит аҳәынҭқарра аинформациатә суверенитет",— иҳәеит Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Владимир Колокольцев.
Иара убас RT адныҳәаларақәа аиуит Боливиа ахада Луис Альберто Арсе Катакора, Куба ахада Мигель Диас-Канель, Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр Петер Сииарто, Америкатәи акинорежиссиор Оливер Стоун, уҳәа убас егьырҭгьы рҟынтә.
Урыстәыла
Ателеканал RT 20 шықәса ахыҵит