Урыстәыла

Симониан: асанкциақәа хьаас иҳамаӡам, Аԥсадгьыл амаҵ ауразы алшара ахьҳамоу иаҿырԥшны

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Асанкциақәа хьаас иҳамаӡам, урҭ аҵакы рымаӡам Аԥсадгьыл амаҵ ауразы алшара ахьҳамоу иаҿырԥшны ҳәа азгәалҭеит RT ателеканали "Россия сегодня" амедиагәыԥи рредактор хада Маргарита Симониан.
Атеатр ду аҿы имҩаԥысуа RT 20 шықәса ахыҵра иазку аныҳәаҿы ажәахә ҟаҵо, Симониан иазгәалҭеит ироуа ақәыӷәӷәареи аԥкрақәеи агәыԥ акзаареи агәаӷьреи еиҳагьы ишдырӷәӷәо.
Лара лажәақәа рыла, ажурналистцәа зықәшәо ​​ауадаҩрақәа ирыххәыцуам рыԥсадгьыл азы аџьабаа ирбо аҳаҭыр ирзақәу иаҿырԥшны.
Урыстәыла
Владимир Путин RT адунеи зегьы аҿы еицырдыруа глобалтә брендуп ҳәа ахиҳәааит