АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба 2025 шықәса жьҭаара-абҵара амзақәа рзы аррамаҵзурахьы ааԥхьаразы адҵа инапы аҵаиҩит.
Адокумент инақәыршәаны, Атәылахьчара аминистрра ҭакԥхықәрас иадҵоуп аррахь ааԥхьара, ахылаԥшра, аҳасабырба рымҩаԥгара ҳәа адырра ҟанаҵеит Аминистрцәа реилазаара.
Араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа ирыдҵоуп аррахь ааԥхьаразы акомиссиақәа раԥҵара, урҭ иахәҭоу маҭәахәыла реиқәыршәара, аррамаҵурахьы ауаа рнеира аиҿкаара. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра акомиссиақәа рхаҭарнакцәа рыдыргаларц, насгьы аррамаҵура иацәхьаҵуа рыԥшаарц рыдҵоуп.
Иара убас, Агәабзиарахьчара аминистрра аҳақьымцәа амедицинатә гәаҭарақәа рзы аҳақьымцәа дәықәнаҵоит, ахархәагақәа рыла еиқәнаршәоит, Аҵара аминистрра аҵаҩцәа рнеиреи аамҭа ахырԥаразы адокументқәа реизгареи ирхылаԥшуеит.