АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Владимир Путин RT адунеи зегьы аҿы еицырдыруа глобалтә брендуп ҳәа ахиҳәааит.
Иахьа Атеатр ду аҿы аканал 20 шықәса ахыҵра азгәарҭоит. Урыстәыла Ахада иҟаиҵаз аҳәамҭақәа:
RT аҿаԥхьа иуадаҩыз адҵа ықәгылеит — аусура аҩаӡара ҿыц ахь анагара, уи аканал ишьахәны инаигӡеит.
Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы миллионҩыла ауаа ари аканал агәра ргеит. Аконкурентцәа уи иагьаҵашьыцуеит, иагьацәшәоит.
Ахада мраҭашәаратәи аелита RT аганахь разыҟазаашьа примитивтәуп ҳәа ахиҳәааит, аканал иара апозициа мчыла аӡәгьы иднагалом, даҽа альтернативатә хәаԥшышьак ауп ицәырнаго.
Путин RT аусзуҩцәа ирҟазшьа хадақәаны иазгәеиҭеит агәымшәареи аиаша ашьҭазаареи, урҭ аибашьцәа реиԥшҵәҟьа, ргәаанагарақәа ирзықәԥоит ҳәа рзиҳәеит.
Владимир Путин RT аредактор хада Маргарита Симониан, иара убас аканал аусзуҩцәа зегьы дрыдныҳәалеит.