АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы атеракт аиҿкааразы ахаҵа даанкылоуп.
АфШәМ излаанацҳауа ала, уи Георгиевск ахадара ахыбраҿы аԥшыхәрақәа мҩаԥигеит, нас артҟәацга ихала иҟаиҵарц азы ахәҭақәа ааихәеит.
Ацәгьоуҩы атеракт ҟаиҵаанӡа урыстәылатәи аԥшыхәратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит. Уи иганахьала ашьаус аартуп.