Арадио

Ажьицәа реицлабреи ацәыргақәҵеи Аҟәа еиҿкаахоит: Абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла аиҳабы ицәажәара

Sputnik
Жьҭаарамза 24-25 рзы Аҟәа абааҟны имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла "Х-напы" ашықәсазтәи аихшьаалатә цәыргақәҵа. Уи еиҿкаахоит абџьарҟаҵара ауси уи аҭоурыхи ирыдҳәалоу афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аҭоурыхтә-культуратә ҟазара зныԥшуа абџьар аҟаҵара иарбан ҿиароу иамоу, шаҟаҩы рнапы алакыда уи, излырхуазеи, иарбан усумҭақәоу афестиваль аҿы иӡыргахо, уи апрограмма шышьақәгылоу дрылацәажәеит Абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла "Х-напы" ахантәаҩы Ҭемыр Ӡиӡариа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.