Арадио

Жәлар рпоет ихьӡала акультура афестиваль Ҷлоу амҩаԥгара: аԥшьгаҩ иҿцәажәара

Sputnik
Аԥсны иаԥҵоуп Баграт Шьынқәба илитература-ҭҵаарадырратә ҭынха анаунагӡатәразы аҳәынҭқарратә комиссиа. Аԥсны ахада Бадра Гәынба иусԥҟала уи иалахәуп аиҳабыра ахаҭарнакцәеи, аҟазареи аҭҵаарадырреи ринтеллигенциа. Акомиссиа хықәкыс иамоуп иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, Ахьӡ-Аԥша аорден I аҩаӡара занашьоу Баграт Шьынқәба иҭынха беиа аиқәырхара, аӡыргара. Уи азы иҟаҵоу ажәалагалақәа ируакхеит Ҷлоу есышықәса Шьынқәба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ахаҳә еиҩса" амҩаԥгара. Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба иҳәеит ас еиԥш иажәалагала аԥсҭазаара аларҵәара шибо атәы.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.