Аԥсны

Европа имҩаԥысуеит XXIII Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалԥхьоит..."

Жьҭаарамзазы Аԥсны афестиваль аҵыхәтәантәи ахәҭа мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит Урыстәыла Акультура аминистрреи акультуратә ԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонди иҟарҵо ацхыраарала.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Европа имҩаԥысуеит XXIII Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалԥхьоит...".
Цәыббра 23 инаркны 27 рҟынӡа Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи II Жәларбжьаратәи реицлабра алауриатцәа ықәгылоит Венеи Прагеи ақалақьқәа рҿы.
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылоит Полина Шароварова, Иулиа Вакула, Евгени Бовыкин, апианинарҳәаҩы Владимир Вишневски.
Европатәи агастрольқәа аатуеит цәыббра 23 рзы Австриа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы аконцерт ала.
Жьҭаара 25 рзы артистцәа Вена Ажәытәтәи аратуш аҿы иқәгылоит, жьҭаара 27 рзы Прага Богуслав Мартину ихьӡ зху аконцерттә зал аҿы имҩаԥысуеит ахыркәшаратә концерт.