АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Лувр аҭыԥ змаз арҳәра ашьҭахь аусура иалагеит.
Парижтәи апрокуратура излаанацҳауа ала, аԥхасҭа 88 миллион евро инаӡоит.
Аҳәынҭқарратә мчрақәа иазгәарҭоит иӷьычыз ахьымаҭәеи аекспонатқәеи хынҳәра рықәымкәа иӡыр шалшо, урҭ еимырхыр ма ирҭәаны "аџьармыкьа еиқәаҵәа" аҿы ирҭиир ауеит.
Аусҭҵаара иаҿуп.