Урыстәыла

Роскомнадзор амессенџьерқәа WhatsApp*, Telegram рхархәара хәҭакала иԥнакит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Роскомнадзор амессенџьерқәа WhatsApp*, Telegram рхархәара хәҭакала иԥнакит.
Аусбарҭа иҟанаҵаз адыррақәа рыла, ари ацәгьоуратә усмҩаԥгатәқәа рҿагылара иазырхоуп, избанзар арҭ амессенџьерқәа лассы-лассы рхы иадырхәоит атәылауаа ржьареи аԥара рымхреи рзы.
Уаанӡа, Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿы ахархәаҩцәа аплатформақәа русураҿы аиԥҟьарақәа ыҟоуп ҳәа адырра ҟарҵахьан.
*WhatsApp зтәу аилахәыра Meta Урыстәыла аҵакыраҿы екстремисттәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, аусурагьы азин ыҟам.