Урыстәылатәи имобилтәу атехнопарк "Кванториум" аҟаза-иклассқәа мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаарамза 20 инаркны 28 рҟынӡа. Арҵаратә техномарафон хә-қалақьк еиднакылоит — Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра, Гал. Уи иалахәуп 5-11 аклассқәа рҟны аҵара зҵо 1200-ҩык ашколхәыҷқәа. Гагратәи абжьаратә школ аиҳабы Мзиа Дауҭиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷқәа рзы еиҿкаау аҟаза-иклассқәа шцо, урҭ зҿлымҳарас ирымоу.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.