Аԥсны

Џьынџьалԥҳа: Аԥсны ахәыҷтәы психиатриа азы аҭагылазаашьа хара имгакәа еиӷьхоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аԥсны ахәыҷтәы психиатриа аганахьала аҭагылазаашьа хара имгакәа еиӷьхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчара азҵаарақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәа аимдара" аҟынтәи Мактина Џьынџьалԥҳа.
Амедицинатә ҵараиурҭақәа ирҭоу хҩык аԥснытәи астудентцәа ари ахырхарҭала рҵара ацҵара иазхиоуп, урҭ Сербски ихьӡ зху аинститут ахь рыдкылараз алшара урыстәылатәи аколлегацәа рԥылараан иалацәажәеит ҳәа азгәалҭеит ахәыҷқәа ромбудсмен.
Уи адагьы, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аомбудсмен лаппарати агәабзиарахьчара аминистрреи еицхырааны ахәыҷтәы психиатриа аҟәша аартра азҵаара аус адырулоит. Аха раԥхьа иргыланы, Џьынџьалԥҳа лгәаанагарала, акадрқәа рызҵаара ӡбатәуп.