Ареспубликатә арра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥгахоит иааиуа амчыбжь азы Аҟәа. Уи иалахәуп Ԥақәашьаа ршколхәыҷқәа рыла ишьақәгылоу акомандагьы. Рышԥаҽазыҟарҵои дара, еиҳа ирықәҿиоу иарбан еицлабра хыкқәоу, насгьы арра – спорттә хәмарра аҿар рпатриоттә ааӡара аизырҳараҿы лагалас иҟанаҵар алшои, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы ҳалацәажәоит.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.