Аԥсуаа рмилаҭтә спорт хәмаррақәа иреиуоу аимҵакьачаразы Аԥсны ачемпионат иалагоит Аҟәа жьҭаара 26 рзы ареспубликатә стадион аҿы, иара иадахәуп жә-командак, аамҭала мызки бжаки ицалоит иалахәу ақыҭақәа рҿы. Иара амҩаԥгаразы аиҿкаарақәа шцо, ԥҟарақәас иамоу, зҿлымҳарас иаиуз иазкны арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аԥсуа милаҭтә спорт хкқәа рфедерациа ахада Адгәыр Гәынба.
Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.