Урыстәыла

Sputnik Азербаиџьан аредактор хада Евгени Белоусов Урыстәылаҟа дыԥрит

Рашәара 30 рзы Бақәа амчратә усбарҭақәа иааныркылеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" иаҵанакуа Sputnik Азербаиџьан амаҵзура аусзуҩцәа быжьҩык.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Sputnik Азербаиџьан аредактор хада Евгени Белоусов, уаанӡа Бақәа идырбаандаҩыз, доурышьҭын, Урыстәылаҟа дыԥрит ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова.
Аредакциа аиҳабы Игор Картавыхи аредактор хада Евгени Белоусови ԥшьымз иҭакын. Амедиагәыԥ Азербаиџьан анаԥхгара рахь ааԥхьара ҟарҵеит аусзуҩцәа ауршьҭырц, аҭагылазаашьа ҭышәындыртәаларц.
Жьҭаара 10 рзы "Россия сегодня" анаԥхгаҩы Дмитри Киселиов иҳәеит Картавых аҩнтәи абаандаҩрахьы дшиаргаз, жьҭаара 19 рзы дшоурышьҭыз, Москваҟа дышхынҳәыз.
Урыстәыла
Sputnik Азербаиџьан аредакциа ахада Игорь Картавых Бақәа доурышьҭын, Урыстәылаҟа дыԥрит