Урыстәыла

Лавров: Урыстәыла Мраҭашәареи Мрагылареи рҟны ӷас иамоу ажәларқәа ыҟаӡам

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Урыстәыла Мраҭашәареи Мрагылареи рҟны ӷас иамоу ажәларқәа ыҟаӡам иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Аҳәынҭқарратә дипломатиа ашьақәгылара 100 шықәса ахыҵра иазку Жәларбжьаратәи аусеицура афорум аартраан иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла ҳаамҭазтәи ҳәынҭқаррак аҳасабала аҿиара шамоу, егьырҭ атәылақәеи иареи аимадара рыбжьаҵара ишазҿлымҳау.
"Ҳара ҳаиԥш змилаҭтә интересқәа аԥхьа изыргыло, Еиду амилатқәа реидгыла Аԥҟаԥҵәа апринципқәа инарықәыршәаны аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура шьақәзыргыло, урҭ зегьы еидҳәаланы, инагӡаны, еидҳәаланы ирықәныҟәо зегьы ҳаиҟараны аус рыцура ҳазыхиоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Лавров.