Аԥсуа бызшәа амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны астудиахь ааԥхьара лыҭан абызшәатә школ "Аихьӡара" анапхгаҩы Лолита Арӡынԥҳа. Лара еиҭалҳәеит абызшәа ззымдыруа уи аҵара ргәацԥыҳәома, еиҳа иазҿлымҳау азусҭцәада, абызшәа арҵаразы иҟоу амаругақәеи аметодикеи абанӡазхо, насгьы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы абызшәа арҵаразы лшарақәас илбо.