"Энергетик будущего" захьӡу аудиториа аатит ААУ. Ари апроект алыршахеит Резо Занҭариа напхгара зиҭо Аҟәатәи аӡфымцастанциа ацхыраарала. Хықәкы хадас иамоузеи иара, инанагӡало арбану, иззырхада, насгьы уи аартра заҭаххеи — абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аҟәатәи аӡфымцастанциа аиҳабы Резо Занҭариа.