Аԥсны згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә-классқәеи абжьгарақәеи рымҩаԥгара еиҿнакаауеит Ассоциациа Добро.РФ аҭыԥан аус зуа аиҿкаарақәеи Россотрудничествеи рыцхыраарала. Раионцыԥхьаӡа ари азҵаара актуалра злацу ала, ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәеи аԥышәеимдареи хәарҭара ду ацуп ҳәа рыԥхьаӡоит аҭыԥантәи аҟазацәа. Гәдоуҭа араион аҟны аҟазаратә-классқәа еидырклаз ауааԥсыра рзы иахьынӡахәарҭахаз ҳзеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша ашколқәранӡатәи аҵара аспециалист Римма Гагәылиа - Џьениа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.