Арадио

Красноиарсктәи атәылаҿацәи Аԥсни русеицура аҵарадырраҿы: ҳколлеџьқәа рхадацәа рыҿцәажәара

Sputnik
Аԥсны аделегациа асасдкылара иазкыз Урыстәылазегьтәи афорум иалахәын. Официалла ҳтәыла ахаҭарнакцәа Красноиарcктәи атәылаҿацә раԥхьаӡа акәны иаҭааит. Арҭ аимадара ҿыцқәа ирылҵшәахарц алшо, аԥхьаҟатәи агәҭакқәа, хадаратәла аҵарадырра аусхк аҟны, еиҳа инарҭбааны ирылацәажәеит аделегациа алахәылацәа: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аиҳабы Светлана Габлиеи Аҟәатәи аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы Џьумбер Мышәбеи.
Шәазыӡырҩы аудио.