Арадио

Аԥсни Урыстәылеи астудентцәа рспорттә клубқәа аус еицырулоит: еилаҳкаауеит ишԥа

Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети «Урыстәыла астудентцәа рыспорттә клубқәа реидгылеи» рыбжьара астуденттә спорт аҿиараҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аусшәҟәы иарбоуп — аспорттә усмҩаԥгатәқәа реицеиҿкаареи, аԥышәа аимдареи, астудентцәа рыбжьара аспорт рыларҵәареи. Ари аиқәшаҳаҭра иаанартуа алшара ҿыцқәеи, уажәаԥхьагьы ари ахырхарҭала иҟаз аимдарақәеи аусеицуреи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит ААУ аспортклуб аиҳабы Инга Карчааԥҳа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.