"Агәабзиара амаршрутқәа" захьӡу афестиваль хацыркхоит Аԥсны абҵарамза 6 рзы. Уи атәыла мрагыларатәи араионқәа рҿы ашықәс зегьы аус зуа аспорт-туристтә кластер арҿиара иацхраауеит. Аиҿкааҩцәа излазгәарҭо ала, ари акластер еиднакылоит аспорт, агәмырҿыӷьратә, аетно-, агастро-, агротуризм рыҿиара иазырхоу аицлабра «Аԥсны акоманда» алахәылацәа рыпроектқәа. Еиҳа инарҭбааны арадио Sputnik аефир аҿы апроект далацәажәеит АНО «Аԥсны акоманда» апроектқәа рменеџьер Дмитри Габалыиа.
Шәазыӡырҩы аподкаст.