Иахьа Урыстәыла иазгәарҭоит Жәлар ракзаара амш. Акзаара Урыстәыла Ду амчреи аизҳазыӷьареи ирышьаҭаны иҟоуп, уи арҵабыргуеит аҳәынҭқарра ду еиднакыло хыԥхьаӡара рацәала ареспубликақәа. Асовет еидгыла ду шеилаҳазгьы иааннажьыз аҭынха, аидгылара аҟазшьа иахьа Урыстәыла азхьаԥшра ахьынӡанаҭо ҳалацәажәоит арадио Sputnik аефир аҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.