Арадио

Аҟәатәи алицеи – интернат азы аԥаратә ҳамҭа: иззырхахозеи урҭ

Sputnik
Аҟәатәи алицеи – интернат ҳамҭас миллион мааҭ аԥара аҭахоит. Ас еиԥш ала агәыҳалалратә цхыраара азыҟалҵеит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Аҭоурых ду змоу ари арҵаратә хыбра иахьазы иарбан уадаҩроу иамоу, насгьы арҭ аԥарақәа алицеи аинтернат аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара абанӡааӡбо, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.