Жәларбжьаратәи урыстәылатәи алитературатә -сахьаркыратә альманах «Рукопись», ианылеит Аԥcнытәи апоетцәа, апублицистцәа рҩымҭақәа. Ишԥалыршахеи бас еиԥш зыҩаӡара ҳараку аҭыжьымҭаҿы аԥсуа поетцәа рҩымҭқәа ркьыԥхьра, ишԥалыԥшаахеи авторцәа, иарбан тематикоу иазалхыз, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.
Шәазыӡырҩы аподкаст.