Аԥсны

"Нарҭи" "Ерцахәи" реицыхәмарра: аҳҭнықалақь акоманда риааира

Аҟәатәи "Нарҭи" очамчыратәи "Ерцахәи" ршьапылампылтә хәмарра мҩаԥысит Аҟәа.
Sputnik
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат 20-тәи атур аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи "Нарҭи" очамчыратәи "Ерцахәи" ршьапылампылтә хәмарра мҩаԥысит.
Ахәмарра зегьы агәыхыҭхыҭра ацын, ашьапылампыласцәа акырынтә ампыл амба иҭадыршәырц аҽазышәарақәа ҟарҵеит. Аматч зегьы "Динамо" иаҭааз ахәаԥшцәа бзиа ирбо ркомандақәа адгылара рырҭон.
Ахәмарра шыуадаҩызгьы, агәҭынчымра шацызгьы "Нарҭ" ашьапылампыласцәа ирылшеит "Ерцахә" амба хынтә ампыл аҭаршәра, убри аан мпылкгьы дара рымба иҭамшәарц "иазықәԥон".
Ампылқәа хԥа ахәмарра ахыркәшымҭаз ауп аҭаршәра анрылша. 70 аминуҭ азы Наур Цвинариа илшеит ампыл аҭаршәра, иара убас 79, 88 аминуҭқәа рзы Емир Џьопуа ҩ-мпылк ҭаиршәит.
1 / 11

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат 20-тәи атур аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи "Нарҭи" очамчыратәи "Ерцахәи" ршьапылампылтә хәмарра мҩаԥысит.

2 / 11

Аҳҭнықалақь акоманда риааира џьашьатәӡам - дара аԥхьагылаҩцәа иреиуоуп.

3 / 11

Ахәмарра зегьы агәыхыҭхыҭра ацын.

4 / 11

Ашьапылампыласцәа акырынтә ампыл амба иҭадыршәырц аҽазышәарақәа ҟарҵеит.

5 / 11

Ахәмарра шыуадаҩызгьы, агәҭынчымра шацызгьы "Нарҭ" ашьапылампыласцәа ирылшеит "Ерцахә" амба хынтә ампыл аҭаршәра.

6 / 11

...убри аан мпылкгьы дара рымба иҭамшәарц "иазықәԥон".

7 / 11

"Ерцахә" атурнир асиаҿы агәҭаҵәҟьа иҟоуп.

8 / 11

Ампылқәа хԥа ахәмарра ахыркәшымҭаз ауп аҭаршәра анрылша.

9 / 11

"Нарҭи" "Ерцахәи" реицыхәмарра- хәмарра бзиан!

10 / 11

"Нарҭ" - 3:0 ҳәа "Ерцахә" иаиааит.

11 / 11

70 аминуҭ азы Наур Цвинариа илшеит ампыл аҭаршәра, иара убас 79, 88 аминуҭқәа рзы Емир Џьопуа ҩ-мпылк ҭаиршәит.