Аԥсуа композитор Сан-Марино аицлабраҿы аиааира лгеит

Sputnik
Германиа акомпозиторцәа реидгыла алахәыла Хьыбла Амҷба Сан-Марино имҩаԥысуаз аицлабра «Европатәи романсиадаҿы» иаанылкылеит актәи аҭыԥ. Раԥхьаӡа акәноуп ас еиԥш аицлабра Аԥсны ахаҭарнак даналахәу. Хьыбла Амҷба иналыгӡон афортопиано азы аԥҵамҭа «Ҭагалантәи аԥша» Рахманинов изку. Арадио Sputnik аефир аҿы акомпозитор лхаҭа еиҭалҳәеит аицлбараҿы лалахәхара шыҟалаз, аԥҵамҭа аҭоурых атәы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.