Арадио

Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аҩныҵҟатәи аԥсҭазаара: актиорцәа рыҿцәажәара

Sputnik
Тҟәарчалтәи акомедиатә театр иазгәанаҭоит аиубилеи. Уи акультуратә хәышҭаара иахыҵуеит 70 шықәса. Ишԥаҟоу атеатртә ԥсҭазаара уи зырҿио актиорцәа рзы, ишԥацо аусура, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит 30 шықәса инарзынаԥшуа атеатр амаҵ азызуа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Манана Гындиаԥҳа, иара убас хышықәса уаҟа аус зуа актиор Мран Алҭеиба.
Шәазыӡырҩы аудио.