Аԥсны ихыркәшахеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭахь алхрақәа. Ари ахҭыс аполитикатә системазы ҵакыс иамоу, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи реимадараҿы иарбан цыхраароу иҟанаҵарц алшо, избан аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара зыхадароу аҳәынҭқарразы, иаӡбои, ныррас иҟанаҵои — абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит аполитолог Беслан Камкьиа.