Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы абаҳча аартра азгәаҭоуп ҳазҭоу амза анҵәамҭазы. Ас еиԥш аинфраструктура аиҿкааразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара алыршахеит ақалақьқәа Алада Новгороди Аҟәеи ирыбжьоу аешьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иабзоураны. Уажәазы инагӡоу аусурақәа аҳабла маҷ шаҟа ахаҿра аԥсаххьеи, иабанӡаҭаху уи аԥхьаҟа аиқәырхара, шаҟа еиҷаҳан иазныҟәалатәуи ари аҳамҭа шьахә ахәыҷқәагьы адуцәагьы, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аҳабла ҿыц аҿы инхо, ажурналист Алхас Манаргиа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.