ААУ аҿы адгьылхархәареи, адгьылтә кадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аусзуҩцәа “Аиуриспруденциа” азанааҭ ала адырра аҩаӡара аизырҳара иазку акурсқәа хацыркуп. Урҭ еиҿызкааз аквалификациа аизырҳареи акадрқәа разыҟаҵареи рреспубликатә центр анапхгаҩы Медеиа Ченгьелиаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, хықәкыс ирымоу, насгьы иаҭахны изыҟоу.
Шәазыӡырҩы аудио.