Аԥсуа қыҭақәа рыҿиареи реиқәырхареи рзы азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аекспертцәеи. Атәыла ахада иазгәеиҭеит ақыҭақәа рыда аԥсуа ихаҿреи икультуреи аиқәырхара шыҟамло.
Ишԥаҟоу иахьа Аԥсны ақыҭақәа рынхара-бзазаратә ҭагылазаашьа, уи аганахьала иарбан ҭҵааратә усурақәоу имҩаԥысуа, ҳқыҭақәа рыҿиара, рҭагылазаашьа аиӷьхара аҳәынҭқарра иабанӡазыфеидоу, аекономикатә шәарҭадара ахьчаразы уи иаӡбо азҵаарақәа арбанқәоу, иарбан проектқәоу изызхьаԥштәу иахьа аус зуа аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа ахықәкытә программа анаҩсгьы? Абарҭқәа ҳрылацәажәаразы астудиахь дааҳаԥхьеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа.