"Амшен" Аԥсны иқәынхо амилаҭрацәа рыбжьара аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи, акзаареи инарылукааша рсимволқәа иреиуоуп", - ҳәа аҳәоит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит амилаҭтә чысқәа ргьама абара, абзазаратә маҭәахәқәеи анапкымҭақәеи рцәыргақәҵа, Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа артистцәеи арҿиаратә гәыԥқәеи рықәгыларақәа.
Афестиваль аҿы ицәырган Аҟәа ақалақьи, Аҟәатәи, Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Очамчыратәи, Гәылрыԥшьтәи араионқәа рҟынтәи адиаспорақәа рстендқәа, иара убас Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа астендгьы.