Арадио

Аԥсны аглемпинг аҿиара, аԥеиԥш: атуризм ахырхарҭа аексперт ицәажәара

Sputnik
Урыстәыла 2026 шықәсазы Аԥсны аглемпинг аҿиаразы 150 миллион мааҭ азоунажьуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилацәажәараҿы. Уажәы ареспублика апрофильтә усбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоуп аглемпинг закәу, уи шынагӡахо, иарбан критериақәоу изықәшәар ахәҭоу рҳәаақәҵара ҳәа азгәеиҭеит Назаров. Иахьа уажәраанӡа аус зуа аглемпингқәа рылҵшәақәа зеиԥшрои? Ари ахырхарҭа иабанӡамоу аԥеиԥш ҳтәылаҿы, насгьы уи ииашаны ишԥазнеитәу? Жәларбжьаратәи аԥышәеи аҭыԥантәи азнеишьақәеи ртәы далацәажәеит аефир аҿы атуризм ахырхарҭа аексперт Асҭамыр Ахба.
Шәазыӡырҩы аицәажәара.