Баграт Шьынқәба ихьӡ зху афестиваль "Ахаҳә еиҩса" мҩаԥгахоит 2027 шықәсазы. Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба напхгара зиҭо аиҿкааратә хеилак актәи аилатәара мҩаԥысит, уаҟа иалацәажәеит Шьынқәба диижьҭеи 110 шықәса аҵра аҳаҭыраз имҩаԥгахо афестиваль аиҿкаара, иара убас ишәҟәқәа реиҭаҭыжьра, асаит аԥҵара, Ҷлоу ақыҭан иҟоу ашколи иҩны-амузеи аремонт рзыҟаҵара, Жәлар рпоет игәараҭаҿы абаҟа аргылара.Ари фестиваль аиҿкаашьа зеиԥшрахо, уи ахықәки аҵаки еиҵагыло абиԥарақәа рзы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәоит Нодар Ҷанба.
Шәазыӡырҩы аподкаст.