Арадио

Аԥснытәи акомандақәа аԥхьахәқәа ргеит адомино азы аицлабраҿы: аспортсменцәа рцәажәара

Sputnik
Аԥснытәи акомандақәа аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит Афон ҿыц имҩаԥысуаз Адомино азы жәларбжьаратәи атурнир аҟны. Аспортсменцәа акомандатә зшьаҟны "ахьи" "аџьази" иаԥсахеит. "Араӡын" ргеит Венесуелатәи акоманда. Атурнир аҟны аԥсуа спортсменцәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшит, хаҭалатәи ахәмаррақәа рҟны ахԥатәи аҭыԥ игеит - Аинар Ԥлиа, аԥшьбатәи - Саид Ашәба. Ҳкомандақәа иаадырԥшыз алҵшәақәа реихшьаала астудиаҿы иҟарҵеит адомино асыҩцәа, акомандатә зшьаҟны "ахьы" иаԥсахаз агәыԥ алахәыла Инал Какобеи, "аџьаз" иаԥсахаз агәыԥ алахәыла Сандро Ҳаразиеи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.