Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа Москватәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиа афакультет аҿы алекциақәа ирыԥхьеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан еснагьтәи ҳексперт, аполитолог, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Москватәи аҳәынҭқарратә университети асоциалтә ҭҵаарақәа рзы рлабораториа аиҳабы Беслан Ҳагба. Илекциа темас иаман "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиараҿы Урыстәыла инанагӡо ароль". Ас еиԥш иҟоу аимадарақәа ҳарҵаҩцәа ирзаанартуа алшарақәеи, ари аԥышәа иацу аинтереси ртәы далацәажәеит аефир аҿы Беслан Ҳагба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.