Михаил Рошьин ипиесала иқәыргылоу аспектакль "Аешелон" аԥхьарбара мҩаԥысуеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы абҵара 24-25 рзы.
Ари адәыӷба авагон аҿы машәыршәа еиқәшәаз, аибашьра ианиаз ауаа рҭоурых иазкуп. Дара рыԥсҭазаара еиуеиԥшым, аха рыцҳарак еиднакылоит.
Аспектакль арежиссиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Мадина Аргәынԥҳа лажәақәа рыла, ақәыргыламҭаҿы инарҭбааны иаарԥшуп аибашьра ҭаацәарацыԥхьаӡа, аԥҳәыс, ахәыҷы, ақәыԥш зегьы ишырныруа.
Аспектакль Урыстәыла акультуратә фонд ацхыраарала иаԥҵоуп. Асахьаҭыхҩы-адекоратор – Гарри Дочиа, акостиумқәа рзы асахьаҭыхҩы – Диана Допуаԥҳа, акомпозитор – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭемыр Агрба, арлашаратә дизаинер – Николаи Рыбников.