Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа иаиааит Кәтолтәи "Бзана" 3:0 ҳәа иаҵарханы. Актәи ампыл "Бзана" амба иҭаршәын 15-тәи аминуҭ азы, уи илиршеит ахәмарҩы Наур Ҵнариа. Актәи ахәмарра нҵәаанӡа ашьапылампыласҩы Емир Џьопуа илиршеит даҽа мпылкгьы аҭаршәра. Ахәмарра 79-тәи аминуҭ азы Наур Ҵнариа даҽа мпылкгьы ҭаиршәит, уи алагьы "Нарҭ" 3:0 ҳәа Ахраҿа иаԥсахеит.
Ашьапылампылтә спорт абзиабаҩцәа Геннади Џьопуеи Автандил Шьенгелиеи Ахраҿа хадеи ашьапылампыл азы ачемпионат амҩасшьеи рзы ргәаанагара рҳәеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.