"Аҵарадырра аҵак ҿыцқәа" захьӡу аҩбатәи Жәларбжьаратәи апедагогикатә форум мҩаԥысит Армавир. Иара иалахәын Аҵара аминистрра азеиԥш, абжьаратә, азанааҭтә ҵарадырра аҟәша аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа, ААУ аректор Алеко Гәарамиа, убасгьы арҵаҩцәа. Афорум аҟны ицәыргаз азҵаарақәа, уи амҩаԥысшьа шеиҿкааз еиҭалҳәеит алахәыла, Гәдоуҭатәи ахәыҷбаҳча "Алашарбага" анапхгаҩы Марина Кәарҷиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.