Аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рҿы инхо ахәыҷқәа рыԥсшьара Аԥсны еиҿкаахоит

Sputnik
Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи ахәыҷтәы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи алацәажәеит аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рҿы инхо ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаареи ршәарҭадареи рзы аусбарҭабжьаратә комиссиақәа раԥҵара. Акомиссиақәа Аԥсны араионқәа зегь рҟны атуристтә ҭыԥқәа ринфраструктура гәарҭоит, иара убас аԥҟарақәа рықәныҟәара иахылаԥшлоит. Уи ҷыдала ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рзы акырӡа аҵанакуеит. Ари аус еиҿкаашьас имамоу, анагӡараҟны ицәырҵыр зылшо азҵаарақәеи дрылацәажәеит ахәыҷтәы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.