Аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы агастрофестиваль "Ҭагалан агьама: Афеихоа" мҩаԥысраны иҟоуп. Аусмҩаԥгатә иааизакны ҭагалантәи ашәырқәа ирызкуп, аха афеихоа ихадоу аалыҵны иҟалоит. Ҳтәылаҿы шьҭа традициак иаҩызахаз ас еиԥш иҟоу афестивальқәа атуристцәа радыԥхьалара аус иахьанӡахәо, азҿлымҳара ахьынӡамоу далацәажәеит Аԥсны атуризм аминистрра аинформациатә ҟәша аиҳабы Оксана Тапаӷәуаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.