Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Бжьаниа Оҭҳара иԥсҭазаашьа иазкны

Sputnik
Гәдоуҭа араион Оҭҳара инхо Амиран Бжьаниа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп" дасасын. Иара еиҭеиҳәеит иԥсҭазаара шеиҿкаау, инапы злаку, хныҟәгагас ирымоу ақыҭаҿы, уаҟа инхо ирыбзазашьоу.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.