Арадио

Аԥсуа школқәа рҿы иаатит аурыс бызшәеи алитературеи рзы иҷыдоу аклассқәа

Sputnik
Урыстәыла аҵарадырра аминистрра ацхыраарала аԥсуа школқәа 14 рҿы иаатит аурыс бызшәеи алитературеи рзы иҷыдоу 15 класс. Ауадақәа рҟны аремонт ҟаҵоуп, аноутбукқәа, аинтерактивтә ӷәқәа, аклассқәа рзы аҩнымаҭәа, арҵага-методикатәи адидактикатәи материалқәа рыла еиқәыршәоуп. Арҭ аклассқәа русура шеиҿкаахо, иақәнагоума арҵаҩцәа ҷыдала разыҟаҵара урҭ рҟны аус руразы, насгьы иреиҳау ахәарҭа зеиԥшрои?Арҭқәа ртәы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҵара аминистрра ауаажәлар рымдараразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.