Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аҩнымаҭәеи ацәыргақәҵатә маҭәахәқәеи рыла еиқәыршәахоит. Абри атәы азгәаҭан мышқәак раԥхьа Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи ианаҭааз. "Сақәгәыӷуеит Нестор Аполлон-иԥеи, уи иҭаацәеи, иара убас иполитикатәи иуаажәларратәи усуреи угәалазыршәо аматериалқәеи аекспонатқәеи иазхаша ҟалоит ҳәа", — азгәеиҭеит Аԥсны ахада.
Иахьа амузеи имҩаԥнаго аусуреи, ироуа алшарақәа рхархәаразы иақәанагоу азнеишьқәеи дрылацәажәеит Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аиҳабы Надежда Ашәба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.