Аԥсны официалла иаатит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа ахаҭарнакра. Иара жәларбжьаратәи аҿар русеицура арҿиареи аԥснытәи аҿар урыстәылатәи аҿар рполитика иреиӷьу аԥышәақәа рырдырреи ирзырхоуп. Активла еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа ирылахәу аҿар еиҳагьы мҽхакыла ирзаанартуа алшарақәеи, ауниверситет арҭ аимадарақәа рырӷәӷәара аус шабои ртәы еиҭеиҳәеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.